Print this page
09.Ԥхынҷкәын.2022

АЛЕКСАНДР АЧБА ИЗАКӘАНЫМКӘА АБЏЬАР АҴӘАХРА АЗЫ ДЫГӘҨАРАНЫ ДЫҞОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 9, ахәашаҽны даанкылан Аԥсны атәылахьчара аминистр ицхырааҩ Алеқсандр Ачба. Уи изакәанымкәа абџьар аҵәахра азы дыгәҩарахеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада.

Апрокуратура Хада адыррақәа рыла, Алеқсандр Ачба изакәанымкәа атапанча «М-57», иара убас уи иатәу 22 цыра апатронақәеи идырбалеит. Урҭ аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыла имхра мҩаԥган.  

Алеқсандр Ачба иганахьала аусеилыргара хацыркуп, иара аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп. Иаанкылоу идҵоу ахара дақәшаҳаҭӡам.


Read 414 times - Асабша, 10 Ԥхынҷкәын 2022 18:08