Print this page
09.Ԥхынҷкәын.2022

ЕЛЕНА ЖИЛИНСКАИА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНКУРС «ЖӘЛАР РДИПЛОМАТИА АԤЫЗА» ҲӘА ХЫС ИЗМОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНКУРС АҾЫ АԤХЬАХӘ ЛГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа Жәларбжьаратәи аконкурс «Жәлар рдеплоиматиа аԥыза» аҿы ахьтәы аԥхьахә ланашьахеит.

Аконкурс афинал амилаҭтә акзааразы Урыстәылазегьтәи афоруми Пермь ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ажәлар Реиҩызара азы Пермтәи иаарту афоруми рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Араҟа Аԥсны ахьӡала дықәгылеит Елена Жилинскаиа.   

Лара аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа адгылара рыҭара иазку апроект аӡыргара мҩаԥылгеит.

Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит ацәыргақәҵатә центр Perm Expo аплошьадка аҿы. Урҭ рхы аладырхәит Тунис, Узбекьысҭан, Ҭадџьыкьысҭан, Индонезиа, Молдова, Ермантәыла, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Румыниа, Италиа, Мексика, Франциа, Аԥсни Урыстәылеи.

Афорумқәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны имҩаԥысит амастер-классқәа, астол гьежьқәа, аконференциақәа, аконкурсқәа.


Read 403 times - Асабша, 10 Ԥхынҷкәын 2022 17:50