Print this page
08.Ԥхынҷкәын.2022

ҚЫРҬТӘЫЛА АТӘЫЛАУАҨԤҲӘЫС ТАКАЛАНӠЕ КРИСТИНА ЛГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴАХЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арратә прокуратура Қырҭтәыла атәылауаҩԥҳәыс Такалаӡе Кристина лганахьала ихацыркыз аусеилыргара ала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.  Кристина Такалаӡе ашпионаж азы ахара лыдҵоуп.  

Аусеилыргара аверсиа инақәыршәаны, лара еизылгон, анаҩс Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа ирылҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра арратәии аҳәынҭқарратәии амаӡа иаҵанакуа адыррақәа.

Аусеилыргара ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп. Кристина Такаланӡе лганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ала аҭакрала ахьырхәра алхуп.  

Иарбоу ахаҿы ихарадҵа азакәантә мчы аиуаанӡа ахара лыдӡам ҳәа дыԥхьаӡоуп. Названное лицо считается невиновными до вступления приговора в законную силу.


Read 446 times