Print this page
08.Ԥхынҷкәын.2022

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АРХАНГЕЛЬТӘИ АОБЛАСТИ АԤСНИ РЕИМАДАРА АРӶӘӶӘАРА ИАДГЫЛОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 8 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы Урыстәыла аусқәа рҿы аамҭалатәи  агәрага Максим Литвинови Аԥсны аусуратә визитла иҟоу Архангельтәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ  - Агубернатор Иусбарҭеи Анапхгареи реиҳабы Ваге Петросиани реиԥылара мҩаԥысит.

Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы аганқәа Архангельтәи аобласти Аԥсни аусеицура абжьаҵара аперспективақәа ирылацәажәеит.

Ацҳаражәҳәарҭа аганахьала ахәҭакахьала урыстәылатәи арегиони ареспубликеи рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аусеицура адгылара шаҭахо шьақәырӷәӷәан.


Read 459 times - Аԥшьаша, 08 Ԥхынҷкәын 2022 20:14