Print this page
06.Ԥхынҷкәын.2022

АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРАЗЫ АМАНДАРИНАҚӘА РЫДКЫЛАРА ИАЗКУ АПУНКТҚӘА ЕИҾКААУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ауааԥсыра Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭра аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Аԥсны араионқәа рҿы амандарина адкыларазы апунктқәа еиҿкаахоит.

Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 8 рзы,  асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа, араионқәа рҿы инхо ауааԥсыра рыура амандарина абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рахь иааргар алшоит:

Аҟәа араион, Гәымсҭа ақыҭа (ЗҲәА Аԥсны аҭаҭын);

Ақалақь Очамчира, Шьынқәба имҩа, аҩны №65, (араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа аплошьад аҿы),

Ақалақь Гәдоуҭа, Гәлиа имҩа (Гәдоуҭатәи автостанциа);

Ақалақь Гал, Леон имҩа, аҩны №1 (акультура Аҩны аҿаԥхьа аплошьад аҿы),

Ақалақь Гагра, асовхоз «Аӡаԥшь».

Иарбоу аҭыӡҭыԥқәа рыла агуманитартә цхыраара адкыларазы автомашьынатә пунктқәа еиҿкаахоит.


Read 363 times - Ахаша, 07 Ԥхынҷкәын 2022 23:05