Print this page
07.Ԥхынҷкәын.2022

АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА АЛАЗЫРҴӘОЗ ХҨЫК 15-ШЫҚӘСА АҬАКРАЛА АХЬЫРХӘРА РЫҚӘҴОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза   6, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Азербаиџьан атәылуаҩ  Мамедов Жавид Маликоглу, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа – Масальски Евгени Иван-иԥеи Богданова Серафима Иван-иԥҳаи рганахьала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.  Иарбоу ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в»  (анаркотикатә маҭәашьарқәа еизакны мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раахәареи реиҭарсреи) инақәыршәаны ацәгьоура аҟаҵара аҿы ахара рыдҵан, ҳәа иаанацҳауеит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.  

Жавид Мамедови Евгени Масальскии рхьырхәра аҳасабала зрежим рӷәӷәоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи рықәҵоуп. Серафима Богданова лхьырхәра аҳасабала азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи лықәҵоуп.

Ахарадҵа инагӡоу аверсиа анроу инаркны 15 усуратә мшы ирылагӡаны аганқәа иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы  иарбоу ахарадҵа азашшра азы азин рымоуп.

Иарбоу ахаҿқәа ахара рыдӡам ҳәа иԥхьаӡоуп ахарадҵа азакәантә мчы аиуаанӡа.


Read 405 times