Print this page
07.Ԥхынҷкәын.2022

ЏЬЕМАЛ ГӘБАЗ ИМАҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьемал Гәбаз Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. 

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа аамҭала рынагӡара лыдҵоуп ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба.


Read 468 times