Print this page
02.Ԥхынҷкәын.2022

АҲҬНЫҚАЛАҚЬТӘИ АШКОЛ №3 АҾЫ АҼАЗЫҞАҴАРАТӘ АЗЫҨБЖЬЫ ГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҿы аҽазыҟаҵаратә абылрацәыхьчаратә азыҩбжьы геит. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи излауа ала ирласны уаанӡа ишьақәыргылаз аевакуациа амаршрутқәа рыла ашкол ахыбра идәылҵыр акәын.

Убри аан аҭыԥ аҿы иҟаз Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аевакуациа апроцесс шаҟа ирласны, ииашаны имҩаԥысуа азы ахәшьара арҭон.

Апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа раԥхьа атеориатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган. Араҟа амцарцәаҩцәа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи егьырҭ аҵараиурҭа аусзуҩцәеи инарҭбааны ирызнаргеит абылра аҟалараан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа.

Классцыԥхьаӡа иазалхын ахатәы маршрут, уи ала ашкол ахыбра ааныжьтәын. Убри иабзоураны абылра аныҟала аамҭазы ауаа реиԥынчылареи ахаос ашьақәгылареи рацәцареи аевакуациа ирласны, ииашаны амҩаԥгареи алыршахоит. Уажәы имҩаԥгаз аҽазыҟаҵаратә былрацәыхьчаратә ашәарҭарардырра иқәыргылаз ахыдҵақәа реиҳарак рынагӡара шалыршахаз аанарԥшит. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи зегьы 5 минуҭк ирылагӡаны ашкол ахыбрантәи рдәылгара алыршахеит. 

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ишазгәарҭаз ала, ашкол анапхгараҭара иарбоу аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатә амҩаԥгара ҭакԥхықәрала иазнеит. 

Атәыла аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа анапхгараҭара аҿы, ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны абжьаратә школқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы рҿы имҩаԥысуеит, уи амҽхак ессааира иазҳалоит ҳәа иазгәарҭеит.


Read 294 times