Print this page
28.Абҵара.2022

ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АҾЫ АМАИНИНГ-ФЕРМА ДУ ЫҚӘЫРГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь Араион Мархьаул ақыҭан аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭеи аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәшеи аусзуҩцәеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵуреи русзуҩцәа еицымҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, уаҩ дахьнымхо ахыбра аҩныҵҟа акриптовалиута арҳара азы амаининг-ферма рыԥшааит.

Аԥсны аҳәынҭстандарт аенергетикатәи атехникатәи хылаԥшра азы адепартамент аспециалистцәа алархәны, зхыԥхьаӡара 182-цыра рҟынӡа инаӡоз, аус зуаз амининг-шьақәгылагақәа рықәгара мҩаԥган. Иқәгаз аиқәыршәагақәа аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп. Изакәанымкәа аус зуаз аобиект аԥшәмацәа административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп. Зымхра мҩаԥгаз аиқәыршәагақәа рзеиԥш мчхара 364 кВт рҟынӡа инаӡон, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.


Read 261 times