Print this page
25.Абҵара.2022

АБҴАРАМЗА 15 ИНАРКНЫ ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 31 АҞЫНӠА РИҴАТӘИ АМИЛАҬТӘ ПАРК ИАҴАНАКУА АӠИАСҚӘА РҾЫ АԤСЫӠКРА АЗЫ АЗИН ҞАЛАӠОМ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк анапхгараҭара Аԥсны атәылауа адырра рынаҭоит амлагәыртә ԥсыӡхкқәа реиқәырхареи рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны, абҵарамза 15 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса аҟынӡа, аԥсыӡкәтаӷькаԥсара аамҭахәҭа иҭагӡаны, апарк иахьаҵанкуа аӡиасқәа рҿы аԥсыӡкразы азин шыҟамло.  

«Ҷыдала ахьчара иаҵанакуа аԥсабаратә ҵакырақәа рзы" Азакәани Риҵатәи амилаҭтә реликтә Парк Аԥҟареи инарықәыршәаны, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аԥырхага рынаҭар зылшо аусмҩаԥгатәқәа зегьы (ашәарыцарагьы уахь иналаҵаны) рымҩаԥгара азы азин ҟалаӡом, ҳәа ауааԥсыра иргәаланаршәоит апарк анапхгараҭара.  


Read 344 times