Print this page
21.Абҵара.2022

ЛЕВ КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ИАТӘУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БЫЛРАЦӘЫХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АКАДЕМИА АНАПХГАРАҬАРА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә маҵзура Академиа анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи, иара убас Аԥснынтәи иарбоу аҵараиурҭа аҿы аҵара зҵо акурсантцәеи дырԥылеит.

Лев Кәыҵниа Академиа анапхгараҭара ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәо Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа азы ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа разыҟаҵара аганахьала анаҩстәи аусеицура аперспективақәа дрылацәажәеит.  

Акурсантцәа дырԥыло Лев Кәыҵниа  рҵаратә процесс амҩаԥысшьеи қәҿиарақәас ирымоуи рыбзазара аиҿкаашьеи дрызҵааит.

Ас еиԥш аминистри Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрофилтә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аԥснытәи акурсантцәеи реиԥыларақәа 2011 шықәса инаркны инеиԥынкыланы имҩаԥысуеит.


Read 347 times - Ашәахьа, 21 Абҵара 2022 20:13