Print this page
20.Абҵара.2022

МИРА РОДИОНОВА КРАСНОДАР АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АТУРНИР «ҲАРА ЗЕГЬЫ ҲЧЕМПИОНЦӘОУП» АҾЫ АИААИРА ЛГЕИТ.

Аҟәа.  Абҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аԥкьаҭмпыласыҩ қәыԥш Мира Родионова абҵарамза 18-19 рзы Краснодар ақалақь имҩаԥысыз атурнир «Ҳара зегьы ҳчемпионцәоуп» аҿы аиааира лгеит.

Мира лазыҟаҵаҩ, Арзамеҭ Тарба ихьӡ зху Аԥсны Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор, аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лажәақәа рыла, аспортсменка 8 шықәса зхымҵыц рықәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Мира лзы ари атурнир Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа раԥхьатәи атурнир акәхеит.  

 


Read 487 times - Амҽыша, 20 Абҵара 2022 15:49