Print this page
18.Абҵара.2022

АМОНУМЕНТАЛТӘ ҞАЗАРА АЗЫ АКОМИССИА ЕШЫРА АҚЫҬАН ИРГЫЛАХО ИҬАХАЗ АИБАШЬЦӘА РМЕМОРИАЛ АПРОЕКТ ИНАЦҴАНЫ АУС АДУЛАРА АЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аҟәа араион Ешыра ақыҭан  амонументалтә ҟазара азы Акомиссиа анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Уи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Ешыра ақыҭа иалҵыз аибашьцәа-фырхацәа рмемориалтә Комплекс аргылареи уи иахьаҵанакуа аиқәыршәазаара амҩаԥгареи  ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирызкын.  

Акомиссиа алахәылацәа ирыдгалаз адокументациа гәарҭеит, анаҩс иарбоу архитектуратә композициа апроект инацҵаны аус адулареи анаҩс ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Акомиссиа ахәаԥшразы анашьҭреи ахәҭоуп ҳәа абжьгара ҟарҵеит.

Акультура аминистр аргыларатә усурақәа ретапқәа зегьы Акомиссиа ақәыршаҳаҭра хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

 

 


Read 407 times