Print this page
15.Абҵара.2022

АБҴАРАМЗА 18 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АХАЦӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АНАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АЧЕМПИОНАТ АЛАГОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 18 рзы Аспорттә хәмаррақәа рзы Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ  аҿы иалагоит ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы Ачемпионат.  Атурнир аартра мҩаԥгахоит асааҭ 11:00 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир рхы аладырхәуеит Аҟәа,  Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет акомандақәа.   

Аӡбаҩ хада – ареспубликатә категориа змоу аӡбаҩ Џьумбер Салаҟаиа.

Аицлабрақәа реиҿкааҩцәа – аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, Аԥсны анапылампыл азы Афедерациа.


Read 1129 times - Аҩаша, 15 Абҵара 2022 16:47