Print this page
14.Абҵара.2022

АБҴАРАМЗА 13 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АБЫЛРА ҞАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 13 рзы, Аҟәа ақалақь, Деповскаиа амҩа ала игылоу иҳараку актәи аихагылак змоу аҩны амца акит. Абылра азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аԥыԥшырҭа ахь иҟалеит 11 сааҭи  24 минуҭи рзы.  

Аиқәырхаҩцәеи амцампцәаҩцәеи рыбригада аҭыԥ аҿы ианнеиз аамҭазы амца аҩны зегьы иахаԥахьан.  Иҟалаз абылра иахҟьаны аҩны ахыби анхарҭа ахәҭаки блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.

 


Read 262 times - Ашәахьа, 14 Абҵара 2022 17:08