Print this page
09.Абҵара.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР МОСКВА ИҞОУ ИРАНТӘИ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА ДАҬААИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва иҟоу ирантәи Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.

Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба 2022 шықәса жьҭаара 26 рзы Шираз ақалақь Шах-Черах амовзалеи аҟны атерракт иахҟьаны аҭычуааԥсыра рҭахаразы Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Казем Џьалали дидышшылеит.

Иара убас Инал Арӡынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Иран иқәынхо ажәлар дрыдышшылеит, агәалсратә шәҟәы аҟны анҵамҭа аанижьит.

                                 


Read 304 times - Аԥшьаша, 10 Абҵара 2022 20:35