Print this page
07.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХЬЧАРА АМАҴЗУРА АУСЗУҨЦӘА АРЕЗЕРВИСТЦӘА АЛАРХӘНЫ АРРАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аусзуҩцәа Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟынтәи арезервистцәа рзы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.  Арратә ҽазыҟаҵарақәа рцашьа дахылаԥшуан Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы, аполковник Дмитри Дбар.

Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу аполигон аҿы имҩаԥысуаз арратә ҽазыҟаҵарақәа раан арезервистцәа абџьар ахархәара аганахьала ирымоу адыррақәа  рыҩаӡара шьҭырхуан.

Инарҭбаау атеориатә инструктаж ашьҭахь урҭ аԥышәатә хәҭа ахь ииасит.

Ас еиԥш арратә ҽазыҟаҵарақәа арратә зыҟаҵара акомплекстә усмҩаԥгатәқәаны иҟоуп, хықәкыс иамоуп амобилизациатә зыҟаҵара аҩаӡра ашьҭыхра, ҳәа адырра ҟарҵоит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аҿы.


Read 580 times - Аҩаша, 08 Абҵара 2022 10:46