Абҵарамза 6, ахәылбыҽха, Аҟәа араион, Аҩада Ешыра ақыҭа Уазабаа аҳаракыра иахьаҵанакуа, аиқәырхаҩцәа ирыԥшааит даҽа ҩыџьа уаанӡа иҟьалаз аҟәыҟәбааҟәшәаҩцәа. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ареспублика атәылауаа рахь ашьхара иаԥну аҭыԥқәеи абнара иаҵанакуа аҭыԥқәеи рахь ианцо излауа ала агәҽанызаара аадырԥшларц, ианцо аламҭалазы рымҩа ахьхо ахырхарҭа азы рыуацәа, мамзаргьы рҭаацәа иреиуоу џьоукы ирарҳәаларц, насгьы узықәгәыӷуа аимадара ахархәагақәа рыцзар шахәҭоу, иара убас рымҩа иацәхымҟьарц азы аҭыԥ аҿы аориентациа бзиа рымазар шхымԥадатәиу, уҳәа абжьгарақәа ҟарҵоит.