Print this page
07.Абҵара.2022

АБҴАРАМЗА 8 РЗЫ АСААҬ 11 ИНАРКНЫ 17 РҞЫНӠА ИАҾЫХХОИТ ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА».

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 8, асааҭ 11:00 инаркны 17:00 рҟынӡа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы иаҿыххоит звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара», ҳәа адырра ҟанаҵоит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.  

Звольтҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аусура аиԥҟьара ҟалеит абҵарамза 1 азы. Убри амш инаркны иарбоу афымцацәаҳәа аҟынтәи алашара зауа араионқәа рахь афымцамч аԥкрақәа ацны инашьҭхоит.


Read 470 times