Print this page
04.Абҵара.2022

АӠИА РИҴА АГАНАХЬАЛА ИНАГОУ АМҨАДУ 41-ТӘИ АКИЛОМЕТР АҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА ИРЫЛАГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиа Риҵа аганахьала инагоу амҩаду «Бзыԥ - аӡиа Риҵа» 41-тәи акилометр аҿы иҟоу аҵыргәатә ҭӡы ахьеилыбгаз инамаданы, амҩаду  ахыхь ишшьаны иҟалеит, ҳәа иаанацҳауеит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк апресс-маҵзура.

Амҩа аилабгара аԥхьырҟәҟәаара азы, аминистрцәа Реилазаара ақәыршаҳаҭны, абҵарамза 2 рзы иарбоу аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын.

 

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцу ахарџь афинанстәра мҩаԥыслоит Ареспубликатә реликтә милаҭтә Парк арезервтә Фонд аҟынтәи. Аусурақәа рымҩаԥгара ахарџь 17 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Стоимость работ составит рублей.  


Read 336 times