Print this page
вчера 2:01

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 30 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит

Жьҭаарамза 17 рзы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Иара аԥҵан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала жьҭаарамза 17, 1996 шықәсазы аԥсабарахьчаратә ҵакыра ашьаҭала, уи аҭоурых хацыркын 1930 шықәсазы.

Риҵа раԥхьатәи аҭҵаарадырра иалагеит 1880-тәи ашықәсқәа рзы. Анатуралист Николаи Альбов иҭиҵаауан аӡиасқәа Лашыԥсеи Ҩыԥшареи реиҩхаақәа. 1913 шықәсазы араҟа аус ауан Риҵа Дуи Риҵа Маҷи рӡиақәа ҭызҵааз Евгени Морозова-Полова дызлахәыз Ҟрымтәи-Кавказтәи ашьхатә клуб аекспедициа.

1930 шықәсазы иаԥҵан 16 289 гектар зҵазкуа Риҵатәи (Риҵа-Ауадҳартәи) аҳәырԥсарра. Аҳәырԥсарра аԥҵан ашьха бнақәеи, адәҳәыԥшқәеи, аӡиақәеи рыхьчаразы. Раԥхьатәи амашьына лас аӡиа Риҵа ихалеит 1936 шықәса рзы.

1945 шықәса раахыс аҳәырԥсарра изныкымкәа изҵазкуаз аусбарҭақәа аԥсаххьан. 1951 шықәса цәыббрамзазы уи аԥырхит, Гагратәи абнанхамҩа иарҭеит. Ашьҭахь аҵакыра аԥсабарахьчаратә статус еиҭашьақәдыргылеит, идырҭбааит.

Иахьа амилаҭтә парк аҵакыра 39 нызқь гектар ыҟоуп. Уи хықәкы хадас иамоуп аендемикатәи ареликттәи колхидатәи афлореи афаунеи, иара убас аӡиа Риҵа акәша-мыкәша иуникалтәу аԥсабаратә комплекси реиқәырхара.

Араҟа иҟоуп аӡиа Риҵа, ашьхаҳаракыратә курорт Ауадҳара, быжь-ӡиак, аӡиа Мзы уҳәа. Есышықәса апансионат «Ауадҳара» ашьаҭала аус ауеит ахәыҷтәы екологиа-рккаратә лагер, имҩаԥысуеит аекспедициақәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи.

2001 шықәса рзы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Нхыҵ Кавказ аҳәырԥсаррақәеи амилаҭтә паркқәеи Рассоциациа иалалеит. Апарк иаҭаауеит аԥсшьаҩцәеи Аԥсны ауааԥсыреи. Аӡынразы амаҵзурақәа амҩақәа асы аҟынтәи идрыцқьоит, асоура ахҟьаԥҟьақәа аԥырхуеит.


Read 116 times