Print this page
вчера 2:01

Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи еицымҩаԥырго, еихдоу аҿар рфорум ааиртит

Ацеремониа хацыркхаанӡа Аҳәынҭқарра ахада ААУ афоие аҿы IT-усмҩаԥгатәқәа рцәыргақәҵа даҭааит.

Алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит афорум аҩ-тәылак рҿарацәа шеиднакыло, аԥышәа аимдаразы алшара шрынаҭо, агәреибагара арӷәӷәаразы ашьаҭа шышьҭанаҵо.

Бадра Гәынба игәалаиршәеит актәи аетап лаҵарамзазы Нальчик ишымҩаԥысыз, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҟабарда-Балкариа ахада Казбек Коков дахьидгылаз азы.

«Аԥсни Урыстәылеи шықәсырацәалатәи аҭоурыхтә еимадарақәа рыбжьоуп. Арҭ аизыҟазаашьақәа рыӷәӷәара ҳәаақәнаҵоит аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы аинырра адагьы ауаҩытәыҩсатә еимадарақәагьы», - ҳәа азгәеиҭеит ахада, иагьациҵеит аҿар шракәу ҳтәылақәа ԥхьаҟа изго, аусеицура атрадициақәа ирыцызҵараны иҟоу.

Бадра Гәынба алахәылацәа ирзеиӷьеишьеит алҵшәа бзиақәа, афорум аартуп ҳәа рылеиҳәеит.


Read 114 times