Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит азинҷыда змоу рсиа арҭбаареи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы ахәԥса агырхара 30% инаркны 50% рҟынӡа анагареи.
Азинҷыда змоу акатегориа ҿыцқәа ирылаҵазарц ажәалагала ҟаҵоуп арҵаҩцәа, ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа, амедицинатә усзуҩцәа, иара убас зхала иҟоу атәанчаҩцәа.
Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла азинҷыдақәа ирыҵаркыр рылшоит хә-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.
Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа азакәан апроект иалам, дара рзы иазԥхьагәаҭоу адгылара аминистрцәа Реилазаара ақәҵара шьаҭас иҟаҵаны ирырҭахьеит.
Зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа (718 ҭаацәара) азинҷыда рыҭара азҵаара иалацәажәоит асоциалтә еиқәыршәара Аминистрреи дареи. Ари акатегориазы иаку азинтә критериақәа макьана ишьақәыргылам.
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит акоммуналтә маҵзурақәа рхархәаразы алимитқәа рышьақәыргылара, урҭ рҳәаа иҭагӡаны азинҷыдақәа аус руеит.
Алимит инахыҳәҳәаны ахархәара амҽхак атарифқәа рыла иршәоит. ЖКУ азы ауал 12 мзы инареиҳаны ианыҟоу азинҷыда аҭара аанкылахоит ауал нагӡаны иршәаанӡа.
Ареспублика унитартә наплакы«Амшынеиқәафымцамч» адыррақәа рыла, уаанӡа афымцамч ахә ахшәааразы азинҷыда рыман 10 913-ҩык. Урҭ рзы есышықәсатәи ахарџьқәа 217 млн 759 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.
Азинҷыда змоу рсиа арҭбаара абиуџьеттә харџьқәа реизырҳара аҭаххоит.
Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациатә технологиақәеи рзы Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа аҳәамҭа ҟаиҵеит азинҷыда зауа ркатегориақәа ралкаараан атәылауаа рҭахрақәеи аҳәынҭқарра афинанстә лшарақәеи ирызхәыцтәуп ҳәа.
Аҵара аминистр Хана Гәынба иаалгаз адыррақәа рыла Аԥсны аус руеит 3 980-ҩык арҵаҩцәа, урҭ рахьынтә 1 662-ҩык ақалақьтә школқәа рҿы. Акадрқәа разымхара иахҟьаны хаз игоу арҵаҩцәа ирықәу аидара зыԥҵәаки бжаки-ҩ-зыԥҵәаки иреиҳауп.
Ҳзыхцәажәо азинҷыда зауа ркатегориақәа иреиуоуп 2 194-ҩык ақыҭа школқәеи 1 580-ҩык ақалақь школқәеи рырҵаҩцәеи, 422-ҩык ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәеи, 184-ҩык рҟынӡа ааӡаҩцәа рыцхырааҩцәеи.
Иара убасгьы ажәалагала ҟаҵоуп абжьаратә усзуҩцәа 1 551-ҩыки, амедицинатә усзуҩцәа еиҵбацәа 1 183-ҩыки, зхала иҟоу атәанчаҩцәеи рзы азинҷыда азԥхьагәаҭазарц.
