Print this page
вчера 1:39

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥышәарҭа Нагвалоу аҿы имҩаԥысуа Аԥсны Арбџьармчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа дрылахәуп

Атәыла ахада ахәшьара аиҭеит хаҭалатәи аилазаара рҵара аҩаӡара, атехникатә еиқәыршәара, архәҭақәа аибашьратәи иҷыдоу ахыдҵақәеи рынагӡара иахьынӡазыхиоу.

«Ҳаҭыр зқәу афицарцәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иаашәырԥшыз ахдырразы, лымкаала иҭабуп ҳәа расҳәоит аҽазыҟаҵарақәа рылахәхаразы иааз арезервистцәа. Ҳреспубликазы ашәарҭара аанхоит, убри аҟнытә ара шәыҟазаара аҵак ҷыда амоуп. Арҭ амшқәа рзы аҵаратә хысрақәа мҩаԥысуан, еиуеиԥшым архәҭақәа реинырра аус адырулон. Агәра ганы сыҟоуп арҭ аусмҩаԥгатәқәа ҳҳәынҭқарра атәылахьчареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара ишазкхо», - иҳәеит ахада аҽазыҟаҵарақәа рлахәылацәа рахь ихы нарханы.

Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хадақәа иреиуоуп ар рнапхгараҭашьа аиӷьтәра, акомандатәи аоперативтәи еилазаара афицарцәа апрактикатә ԥышәа роура, иара убас Аԥсны Арбџьармчқәаеи Урыстәылатәи Афедерациеи реинырра аус адулара.


Read 124 times