Print this page
вчера 3:15

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәаба Аҟәа имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратә арҵаратә цәыргақәҵа иалахәуп

Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Аекономика иреиҳаӡоу ашкол», Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет, Оренбургтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет, Уралтәи афедералтә университет. Ацәыргақәҵа иара убас иалахәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет.

Апрограммаҿы иҟоуп аӡыргарақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа рԥыларақәа, амастер-классқәа.

Аҽазыҟаҵара ахырхарҭақәа рахь иаҵанакуеит амедицина, анџьныртә занааҭқәа, аекономика, аинформациатә технологиақәа, азин, агуманитартә ҭҵаарадыррақәа.

«Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп аҵаратә системақәеи академиатә традициақәеи, еидызкыло ари акрызҵазкуа ацәыргақәҵа аиҿкааҩыс аҟазаара»,- ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҿар ареспублика акультура-ҭоурыхтә контекст ҳасаб азуны зхаҭабзиара ҳараку аҵара аиуразы алшара рыҭара акраҵанакуеит.

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ-Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра. Аусмҩаԥгатә аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи, ашколқәа роушьҭымҭацәеи, урҭ рҭаацәеи ирзырхоуп.


Read 90 times