Print this page
04.Абҵара.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫҴӘАХРЕИ РЕИҬАРСРЕИ РЗЫ ДЫГӘҨАРОУП ҲӘА ДААНЫРКЫЛЕИТ ҚЫРҬТӘЫЛА АТӘЫЛАУАҨ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи реиҭарсреи рҿы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу Асмаҭ Таваӡе. 

29-шықәса зхыҵуа ацәгьоураҿы игәҩароу Асмаҭ Таваӡе аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа дахьынхо аҭыԥ аҿы илыдырбалеит зыкапан 10 грамм иреиҳау арҩышьыгатә маҭәашьар мефедрон зҭаз ҩ-еилаҳәараки Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә символқәа – абираҟи ашиврони.  

Қырҭтәыла атәылауаҩра анаҩс иара убасҵәҟьа Аԥсны атәылауаҩрагьы змоу Асмаҭ Таваӡе дбаандаҩыртәит.

Иарбоу ахҭыс ала аусеилыргара мҩаԥысуеит.


Read 385 times