Афорум апрограмма иаҵанакуеит атематикатә сессиақәа, аӡыргарақәа, ареспублика ааглыхратәи асоциалтәи обиектқәа рахь аныҟәарақәа. Алахәылацәа ирылшоит аҭыԥантәи анаплакқәа русура аилкаара, ақәҿиара змоу апрактикақәа рыҭҵаара, аусеицура ахырхарҭақәа рылацәажәара.
Афорум актәи аетап мҩаԥысит лаҵарамза 4-9 рзы Нальчик, еизнагеит 300-ҩык алахәылацәа ҿарацәа-Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи 150-ҩык ахаҭарнакцәа.
Апроект аиҿкааҩцәа-Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аиҳабыра, Росмолодежь, АНО «Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа», аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рыцхыраарала.
