Print this page
04.Абҵара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АКОНФЕРЕНЦ-ЗАЛ АҾЫ АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА 25-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АНЫҲӘАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара Аконференц-зал аҿы ари абри асааҭқәа рзы имҩаԥысуеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа 25-шықәа ахыҵра иазку аныҳәатә еилатәара.  Ари аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсыза-миистр  ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, атәыла Анапхгара алахәылацәа.

Аиубилеитә усмҩаԥгатә рхы аладырхәырц Аԥсныҟа иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи асасцәа– 30 ҩык инареиҳаны аҵарауаа.

Аизара иалахәыз зыԥсҭазаара иалҵхьоу аҵарауаа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладырҳәеит.

Анаҩс еизаз идырбахеит Анаукақәа ракадемиа аԥҵара аҭоурыхи иахьатәи аԥсҭазаареи ирызкны иҭыхыз адокументалтә фильм.


Read 346 times