Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба аруааи арбџьармчқәа рветеранцәеи дрыдныҳәалеит:
«Жьҭаарамза 11, 1992 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз, Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум атәылахьчара аминистрреи Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб хадеи раԥҵаразы аӡбамҭа аднакылеит. Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан аполковник Владимир Аршба, аштаб хада аиҳабыс – аполковник Сулҭан Сосналиев. Абри амш инаркны рышьаҭа ркит ҳаамҭазтәи аԥсуа ар. Ачҳареи агәаӷьреи аарԥшуа ҳарбџьармчқәа аибашьра адәаҿы ашьақәгылара иалагеит. Ари амш Аԥсны атәылауаа зегьы рзы аҵак ҷыда амоуп. Аԥсуа ар ҳажәлар ргәымшәареи, рхачҳареи, имҟәуа рдоуҳаи шьақәнарӷәӷәеит. Аԥсадгьыл ахьчара еснагь аԥсуа жәлар рзы иреиҳау хьӡын, иԥшьоу уалԥшьан», - иҳәеит иара.
Бадра Гәынба аветеранцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Урҭ реибашьратә ԥышәеи, рдырреи, рхатә ҿырԥши аҵак ду рымоуп абиԥара ҿа разыҟаҵаразы.
«Иахьа аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа арӷәӷәоит, реибашьратә лшара шьҭнахуеит, хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵара асистемеи ар рматериалтә-техникатә еиқәыршәареи еиӷьнатәуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит ҳаамҭазтәи абџьари арратә техникеи рыхкқәа, аҽазыҟаҵара ахырхарҭа ҿыцқәа рырҿиара, аибашьратә еиқәшәара аҩаӡара ашьҭыхра. Ари аус аҿы ароль ду нанагӡоит Урыстәылатәи Афедераца. Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура иалнаршоит Аԥсны атәылахьчаратә лшарақәа рырӷәӷәара, ар реиқәыршәара аиӷьтәра, ҳарбџьармчқәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра», – иҳәеит ар рхада.
Иара иҳәеит иааиуа амшқәа рзы мҽхакы ҭбаала аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥгахо, урҭ раан аус шрыдырулало еиуеиԥшым архәҭақәа реинырра, аибашьратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра.
«Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа аибашьратә зыҟаҵара агәаҭара мацара акәӡам хықәкыс ирымоу, уи аинырра арӷәӷәара, аррамаҵзурауаа рзанааҭтә дырра аизырҳара, ҳаԥсадгьыл ахьчара шҳалшо даҽазныкгьы ашьақәырӷәӷәара алнаршоит», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Бадра Гәынба.