Print this page
12.Жьҭаара.2026

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа ирызку ацәыргақәҵа «Европа ахы иақәиҭызтәыз» аатит ААУ аҿы

Аекспозициа еиҭанаҳәоит Европа анацизм аҟынтәи ахақәиҭтәра иалахәыз 12-ҩык аибашьцәа рҭоурых, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснынтәи фҩык аветеранцәа.
Аҭааҩцәа ирбар рылшоит Шьаликәа Карчаа, Степан Баранов, Ардашес Мелетиан, Николаи Овсианников, Ражден Лакоба, Владимир Стрельников рпатреҭқәеи рбиографиақәеи, иара убасгьы иӡыргоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахыркәшаратә етап ахҭыс хадақәа ирызку аплакатқәа, Прага ахақәиҭтәреи аӡиасқәа Одери Вислеи аруаа рырра уахь иналаҵаны.
 
Аекспозициа аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иазырхоуп. Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала ацәыргақәҵа анеофашизм ҳаамҭазтәи ацәырҵрақәа уазхьанарԥшуеит, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ахҭысқәеи иахьатәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи реиҿырԥшра алнаршоит.
 
«Аҭоурых ҳзымдыруазар, уи ԥсахны ҳаӷацәа ирзыманшәало аформала иҳадыргалалоит», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аартраан Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхаразы арккаратә усура аҵак ду шамоу.
 
Ацәыргарақәҵа еиҿыркааит аиҿкаара «Ԥсра зқәым Урыстәыла аполк» «Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациеи» аиҿкаара «Аԥсны ҿеи» рыцхыраарала. Иара убасгьы имҩаԥгахоит адокументалтә фильм «Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра. Мраҭашәаратәи атәылақәа рымц» арбара.

Read 59 times