Print this page
сегодня 15:24

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ареспублика Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара ахантәаҩы Андреи Назаров диԥылеит

Уи Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ареспублика даҭааит.
Асас бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәо, атәыла ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны азҿлымҳареи ганрацәала адгылареи рзы, иара убас ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-республикак рыжәларқәа реизыҟазаашьа иԥхоу, аиашьаратә ҟазшьа шамоу.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Башкортосҭан ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа раара ҩ-ганктәи аусеицура аҿиаразы алшарақәа шаанартуа. Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы дазааҭгылеит ааигәа аԥсуа делегациа Башкортосҭан раҭаара аҵак ду шамоу, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭан аекономикатәи асоциалтәи усхкқәа рҟны аинырразы ахырхарҭақәа.
 
«Ҳара гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Ареспублика Башкортосҭан анапхгареи хаҭала Ради Фарит-иԥа Хабирови, еснагь Аԥсны иашәҭо азҿлымҳареи адгылареи рзы. Ҳара ҳзы даараӡа акыр иаԥсоуп ари аҩыза аизыҟазаашьа, ахә ҳаракны иаҳшьоит Ради Фарит-иԥа аԥсуа – башкириатә еимадарақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рҿы ихатә лагала», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
 
Андреи Назаров иакәзар, Бадра Гәынба Ареспублика Башкортосҭан ахада Ради Хабиров ихьӡала аофициалтә адныҳәаларатә шәҟәы ииҭеит, иара убас Аԥсны жәлар зегьы гәык-ԥсыкала аҭынчреи, ақьиареи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьишьеит.
Андреи Назаров иҳәеит апарламентбжьаратә диалог аҿиареи ҩ-ганктәи аимадарақәа рырӷәӷәареи аԥыжәара рыҭара игәы ишҭоу. Иара агәрагара ӷәӷәа ааирԥшит ҩ-республикак рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа рыбжьара аинырра шырҭбаахо аусеицуразы аперспектива ҿыцқәа шаартхо ала.
 
Иара убас, Башкортосҭан апарламент аиҳабы хазы иазгәеиҭеит Уфеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиреимадара қәҿиарала аҿиара шамоу, иагьигәалаиршәеит акурорттә сезон ҳарак аан ақалақьқәа рыбжьара мчыбжьык ахь ишиашоу ареисқәа хԥа шынарыгӡоз. Андреи Назаров агәыӷра ааирԥшит аԥыррақәа ргеографиа шырҭбаахо азы.
 
Аофициалтә еиԥылара ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарреи Башкортосҭан Ареспубликеи рыбжьара асоциал-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рырҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы Андреи Назаров «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.

Read 38 times