Print this page
сегодня 13:12

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Тема хадақәаны иҟалеит цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара аҽазыҟаҵара, иара убас ақалақьқәеи араионқәеи рҟны уажәтәи аусура, ауааԥсыра ргәы иҵхо азҵаарақәа рыӡбара.
Аилацәажәара алагамҭазы атәыла Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаараҿы иҟараҵаз ацхырааразы.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит иара инапынҵала ишаԥҵаз абжьыҭира амҩаԥгараҿы ацхырааразы аусутә гәыԥ, уи дахагылеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Уи аилазаара иалалеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.
 
«Алхрақәа еиҿкааны имҩаԥысит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп имҩаԥыжәгаз аус азы, иара убас иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аиҿкаареи ашәарҭадареи алзыршоз азинхьчаратә усбарҭақәа», — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аилацәажәара атема хадақәа ируакхеит цәыббрамза 30 — Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара аҽазыҟаҵара.
 
Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ари арыцхә Аԥсны жәлар рзы аҵак ҷыда шамоу, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкааны, ишахәҭоу еиԥш рымҩаԥгара шхымԥадатәиу, атәыла ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчаз ргәалашәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаҭатәу.
Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа шаздырхио азы адырра ҟарҵеит. Иазыԥхьагәаҭоуп цәыббрамза 30 иазку агәалашәаратә акциақәа, аныҟәарақәа, аконцертқәа уҳәа аусмҩаԥгатәқәа.
Аилацәажәараан иара убасгьы иалацәажәан ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟны уажәтәи аусура.
 
Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иҳәеит цәыббрамза 30 рзы амҩаду аиҭашьақәыргылара ахәҭа хада шхыркәшахо. Убри аан атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны аныҳәатә рыцхә азы аусурақәа зегьы инагӡаны рхыркәшара залмыршахеит. Аиҭашьақәыргылара ахыркәшара иазыԥшуп хара имгакәа.
«Очамчыра араион ахада Алхас Кациа далацәажәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аблокада иҭакыз Тҟәарчал Мрагыларатәи Аԥсны ақыҭақәа ирыдызҳәалоз, ииашаны «Аԥсҭазаара амҩа» ҳәа хьӡыс изауз амҩа «Ԥатраз» аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит амҩақәа реиҭашьақәыргылара ҳазҭоу ашықәс азы атәыла анапхгара русура ахырхарҭа хадақәа ишреиуоу.
 
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Очамчыра араион аҿы ақыҭақәа Ҷлоуи Џьгьардеи рҿы амҩақәа шеиҭашьақәдыргылахьоу. Амҩа «Ԥатраз» аҿы аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь Ӷәада ақыҭахь амҩа аиҭашьақәыргылара алагара азԥхьагәаҭоуп.
Иара убас, Калдахәаратәи аинтернат ахь уназго амҩақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп. Иазыԥхьагәаҭоуп Афон Ҿыц амҩадуқәа ҩба реиҭашьақәыргылара. Амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа азԥхьагәаҭоуп Тҟәарчал, Гәылрыԥшь, Гагра, Гал араионқәа рҿы, иара убас Аҟәа.
 
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ақыҭа мҩақәа реиҭашьақәыргылара аҵак ҷыда шамоу ақыҭа адгыларазы, ишахәҭоу атранспорттә еимадара аиҿкааразы, ауааԥсыра рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳаразы.
Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын иҳәеит аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны еилабгаз, араион ақыҭақәа быжьбеи араионтә центр ахәҭаки ӡыла еиқәзыршәо Дәрыԥшь ақыҭан аӡеизгарҭа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа шымҩаԥысуа атәы.
Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы ӡыла аиқәыршәара аамҭалатәи асхемала имҩаԥысуеит, аамҭакала аобиект инагӡаны аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Араион ахада агәрагара ааирԥшит аусурақәа ианаамҭоу ишхыркәшахо ала.

Read 32 times