Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Башкортосҭани рыбжьара асоциал-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рыҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Геннади-иԥа Назаров «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит.