Print this page
02.Абҵара.2022

АФИНАНСҚӘА РМИНИСТРРА АԤСНЫ АБИУЏЬЕТТӘ ҲАСАББАРА АВТОМАТИЗАЦИА АЗУРА АЗЫ АПРОГРАММТӘ ААЛЫҴ АИҚӘЫРШӘАРА АЗЫ АКОНКУРС МҨАԤНАГОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Афинансқәа Рминистрра «Ареспублика Аԥсны абиуџьеттә ҳасаббара автоматизациа азура азы апрограмматә аалыҵ  аиқәыршәара иазку аусурақәа рынагӡара азы» иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.

Аконкурс алахәхара азы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара –  абҵарамза 2 инаркны абҵарамза 18, 2022 шықәса аҟынӡа.

Аконкурс иалахәхарц рылшоитАреспублика Аԥсны арезидентс иҟоу, мамзаргьы Урыстәылатәи Афедерациа арезидентс иҟоу дарбанызаалак аиуристә хаҿы змоу. 

Аконкурси уи алахәхаразы иаҭаххо аусшәҟәқәеи рзы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит абри азхьарԥш ала:

Ареспублика Аԥсны аҿы абиуџьеттә ҳасаббара автоматизациа азы апрограмматә аалыҵ аиқәыршәара азы аконкурс. Конкурс на разработку программного продукта для автоматизации бюджетного учета в Республике Абхазия


Read 258 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 17:58