Абри атәы иҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб ауаажәларратә палата аекономикатә ҿиареи, аинформациатә технологиақәеи, анаплакра адгылареи рзы акомиссиа инарҭбаау аилатәараҿы.
Урыстәылатәи аҟазауаа аус зуа ацрыҵқәа ахьеизырго аҭыԥқәа гәарҭоит, аизгара ахышәаҵышәа ахәшьара арҭоит, ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа шьақәдырӷәӷәоит ҳәа иҳәеит аминистр.
Амқәаб иажәақәа рыла, Урыстәылатәи аган араионқәа рҿы ауааԥсыреи, атуристцәеи, анаплакқәеи рхыԥхьаӡаразы адыррақәа арҭахьеит. Урҭ хымԥадатәиуп ԥхьаҟатәи ақәыӷәӷәара ахәшьареи алогистика аԥхьаӡареи рзы.
Амқәаб иазгәеиҭеит Аԥсны макьаназы ацрыҵқәа реизгара иазку азинмчы змоу аусбарҭа шыҟам. Урҭ реизгареи ралгареи рнапы алакуп араион ахадарақәеи дара рҿы иаԥҵоу аунитартә наплакқәеи.
Ԥхьаҟатәи асистема ахырхарҭақәа ируакны Амқәаб рыӡбахә иҳәеит ацрыҵқәа реилыхреи аус рыдулареи. Убри аан, иара иажәақәа рыла, атарифқәа Урыстәылатәи арегионқәа рыҩаӡараҟынӡа иаалырҟьаны рышьҭыхра залыршахом.
«Уи уадаҩхоит, акраамҭа иадхалоит, акыр иаԥсахоит», – иҳәеит аминистр.
Асистема аԥҵаразы аусура мҩаԥысуеит 2023 шықәсазы Аԥсны аекономика аминистрреи, Урыстәылатәи Афедерациа аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рминистрреи, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрреи рнапы зҵарҩыз аусуратә хсаала аҳәаақәа ирҭагӡаны. Адокумент иазԥхьагәанаҭоит анормативтә база аус адулареи акоммуналтә инфраструктура аҭагылазаашьазы аинформациа аизгареи.