Print this page
02.Абҵара.2022

ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АҾЫ АҚӘЫӶӘӶӘАРА ИАЦҴАХЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 4 рзы, ашьжьымҭан, асааҭ 10 инаркны звольҳараку афымцацәаҳәа  «Аҽгәара- 220» аҿы ақәыӷәӷәара иацҵахеит. Аенергетикцәа афымцацәаҳәа ақәыӷәӷәара иацҵо амҩангага аҟазшьарбагақәа гәарҭоит. Аԥышәа амҩаԥгара арежим иаанарԥшыз ала, ацәаҳәа ихымԥадатәиу аноминалтә қәыӷәӷәара амоуп.

Ацәаҳәа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ирылахәын «Амшынеиқәа» иатәу амаҵзурақәа зегьы.

Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ашьжьымҭан, асааҭ 6 инаркны Звольтҳараку Афымцацәаҳәа «Аҽгәара» амаршрут аҿы дыҟоуп.  

Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит ақыҭа Бедиа иахьаҵанакуа. Атәыла аҿы афымцамч ала аиқәыршәара Урыстәылантәи афымцамч аашьҭрада имҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура. 

 

 


Read 267 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 17:53