Print this page
сегодня 18:58

Аԥыза-министр Владимир Делба Кәтол ақыҭа даҭааит, уаҟа еиликааит итрадициатәу ахаа-мыхаақәа ахьыҟарҵо анаплакы аусура

Аҭыжьҩы хазхаҭалатәи анаплакҩы Мадина Ашәба лоуп.
Иахьатәи аамҭазы лара лхала абизнес мҩаԥылгоит. Анаплакы аекономикатә еффективра ҳаракы аанарԥшуеит.
Абизнес иааиԥмырҟьаӡакәа абиуџьет ахь ашәахтәқәа ашәоит. Аалыҵ абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәеи адәқьанқәеи рҿы азҿлымҳара амоуп, иара убас аҳәынҭқарратә усбарҭақәа (аекономика аминистрра, ахәаахәҭра-ааглыхратә палата уҳәа аусбарҭақәа) аҳамҭақәа раҳасабала иаархәоит.
 
Мадина Ашәба аиҳабыра рхада изеиҭалҳәеит:
«Сара 31 шықәса инареиҳаны иҵуеит схала зегьы ҟасҵоижьҭеи, имаҷымкәа сахьӡоит. Москвеи Ҟрыми имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа срылахәын, уаҟа аӡәырҩы ирҭахын апартиа дуқәа рыла аалыҵ аархәаларц. Аха схала ас еиԥш ахышәаҵышәа сызрыҭом-уажәы мызкахьы 2-3 нызқь цыра рҟынӡа аҟаҵара алыршахоит. Аҳәынҭқарратә дгылара ҟалар, даҽа ҩыџьа-хҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра иааиԥмырҟьаӡакәа аусурахь исыдыскылар сылшоит, урҭгьы иҭышәынтәалоу аулафахәы рымазарц азы».
 
Владимир Делбеи анаплакҩи аус арҭбаара аԥеиԥш иалацәажәеит. Аарыхра арҭбааразы Мадина Ашәба аҳәынҭқарра ахь аҳәара ҟалҵеит ауада ҿыц аргыларазы афинанстә цхыраара ҟарҵарц. Аусурақәа рыхәԥса 2,5 млн мааҭ артәоит.
Аиҳабыра рхада ажәа риҭеит аҳәынҭқарра хымԥада иуникалтәу ақыҭа аарыхра ацхыраара шанаҭо апрофильтә усбарҭатә программақәа рмеханизмқәа рыла:
«Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳшәыдгыларц. Аҳәынҭқарратә программақәа рҿы ақыҭанхамҩа аҿиара азԥхьагәаҭоуп, аалыҵ аус адуларагьы уахь иналаҵаны. Ари ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара иахәҭоу аргыларатә маҭәахәқәа рыҭара ҳахәаԥшыр ҳалшоит. Хымԥада ҳрыцхраауеит», - иҳәеит Делба.

Read 60 times