Аилацәажәара иалахәын усутә визитла ареспубликахь иааз Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров, апрофильтә министррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа.
Урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит уажәтәи амшхәаԥштә аҵакы акомплекстә ҟазшьеи шамоу.
«Сеигәырӷьоит ҳтәылақәа рыбжьара асоциал-економикатә усеицура иазку ҳаилацәажәараҿы шәбара. Ҳара иахьа азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәоит. Урҭ агәабзиарахьчара, аҵара, ауааԥсыра рсоциалтә хьчара, аинфраструктура роуп. Даара сақәгәыӷуеит иахьа азҵаарақәа зегьы инҭырҳәцааны ҳарзааҭгылап, ахырхарҭа хадақәа шьақәҳарӷәӷәап ҳәа», — иҳәеит Владимир Делба.
Аԥыза-министр иара убасгьы иааркьаҿны ахәшьара аиҭеит аинырра абжьаратәи аихшьаалақәа.
«Ииасыз аамҭахәҭа иалагӡаны акыр ҳнаӡахьеит. Жәаҳәарада, аекономикатә рбагақәа рынагӡара анырра азҭо аҷыдақәа ыҟоуп, аха убас шакәугьы, агәра ганы аизҳара иаҿуп . Асоциал-економикатә ҿиара апрограмма иазԥхьагәанаҭо амакроекономикатә рбага хадақәа нагӡахоит. Убри азы уажәы анаҩстәи ашьаҿақәа инҭырҳәцааны рылацәажәара акраҵанакуеит», — ҳәа иажәа хиркәшеит Владимир Делба.