Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит иааиԥмырҟьаӡакәа иазыхиазар зыхәҭо аҟәшақәа, Аԥсны арбџьармчқәа рҿы арезервистцәа, иара убас Урыстәыла Арбџьармчқәа рыруаа.
Аҽазыҟаҵарақәа аԥхынтәи аҵара аамҭа хдыркәшоит. Урҭ раан иазԥхьагәаҭоуп ҳаамҭазтәи аформақәеи азнеишьақәеи.
Аибашьратә ҵара мҩаԥгахоит артиллериеи, акәылӡтәы техникеи, авиациеи адыԥхьаланы.
Аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа ар рхада изеиҭарҳәеит атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьбеи арабџьарқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченкои.