Print this page
сегодня 14:11

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль – 2026 ахь зхы хоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа алахәылацәа рԥылара мҩаԥысуеит

ААУ аректор Алеко Гәарамиа иқәгылараҿы игәалаиршәеит иреиҳау аҵараиурҭа ашьаҭала аус шауа адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа ахьӡала иқәгыло аиҿкаара.
«Аҿар рфестиваль адирекциа ахьӡала иқәгыло аиҿкаара аԥшьгарала еиҿкаауп Екатеринбургҟа ацаразы аделегациа. Екатеринбурги Аԥсни еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус еицыруеит, иреиҳаӡоу аҵарадырра аусхкгьы уахь иналаҵаны. Уралтәи аҳәынҭқарратә университети, анаҩс — Уралтәи атехникатә университети ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп. Ҳаицхырааны иазыҟаҳҵеит 110-ҩык анџьныр-ргылаҩцәа. Ари ақалақь ҳҿар бзиа ирбап ҳәа агәра ганы сыҟоуп.
 
Аҿари астудентцәеи Адунеизегьтәи рфестиваль атәы ҳҳәозар, сара хаҭала урҭ рахьтә ҩба срылахәын: актәи мҩаԥысуан Москва, аҩбатәи — Берлин. Сара издыруеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рҿы ишьақәдыргыло аимадарақәа шаҟа рыҵаркуа. Мҩамш шәықәлааит!- ҳәа Гәарамиа Алеко аҿар дрылабжьеит.

Read 37 times