Print this page
сегодня 12:31

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Аԥснытәи аделегациеи русуратә визит хыркәшахеит Башкортосҭан Ареспублика анапхгараҭаратә Центр аҭаарала

Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит Ацентр аусуреи, уи аструктуреи, аусура ахырхарҭа хадақәеи ртәы, идырбеит ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшреи, ицәырҵуа азҵаарақәа иаарласны рызхьаԥшреи, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи русуразы рхы иадырхәо ҳаамҭазтәи ацифратә мыругақәа.
Башкортосҭан Ареспублика анапхгараҭаратә Центр аусура иалагеит 2020 шықәса абҵарамзазы. Иахьа ари ареспублика ахадеи аиҳабыреи рҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа проекттә офисуп, уи аинформациа аизгареи анализ азуреи, ишьақәгыло аҭагылазаашьа ахылаԥшреи, ицәырҵуа азҵаарақәа ирласны рықәҿыҭреи алнаршоит. Акрызҵазкуа ахырхарҭақәа ируакуп асоциалтә ҳақәа рыла ауааԥсыра иҟарҵо ааԥхьарақәа аус рыдулара.
 
Бадра Гәынба еиликааит Ацентр аусура аиҿкаашьа, аинформациа-аналитикатә системақәа рылшарақәа, ирласу анапхгаратә ӡбамҭақәа рыдкылара амеханизмқәа.
️Аԥсны ахада иазгәеиҭеит иибаз игәы ишахәаз.
 
«Рацәак ҵуам Аԥсынгьы аусура иалагеижьҭеи ари аҩыза ацентр. Убри аҟнытә ҳазҿлымҳан ари асистема Башкортосҭан ишеиҿкаау абара, уи акыр ҵуеит апрактикатә ԥышәа амоуижьҭеи. Ҳара иаабеит ас еиԥш амыруга алшара дуқәа иунаҭо. Агәра ганы сыҟоуп ари аԥышәа ҳара ҳзы даара ишхәарҭахо, хымԥада уи анаҩстәи аусураҿы ҳхы ишаҳархәало. Башкортосҭан аԥышәа ҳара ҳзы азҿлымҳара ду амоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Read 27 times