Шьыжьнаҵы аԥшаҳәаҿы гәырӷьарала ишьҭырхит Аҳәынҭқарратә бираҟ. Ақалақь аҿы Аԥсны зегь реиҳа иҳараку абираҟшьаҟа ыҟоуп.
Абираҟ ашьҭыхра иазкыз аныҳәатә церемониа иалахәын Аԥсны Афырхаҵа Геннади Марганиа, ақалақьтә школқәа рҵаҩцәа.
Араион ахада Асҭамыр Аргәын ақалақьуаа аныҳәа рыдиныҳәалеит:
«Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш-Гәдоуҭа ақалақь-фырхаҵа Амш! Ари аныҳәа баша амзар аҿы рыцхәӡам.
Уи ақалақь ауааԥсыра зегьы рзеиԥш ҭоурыхи, ари адгьыл аҿы аҭынчреи ахақәиҭреи аҳра рурц азы ҳақәԥареи иасимволуп. Гәдоуҭа ииашаны ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы амоуп, ҳара ҳзы гәадура дууп араҟа анхареи аусуреи.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит есыҽны араион аҿиараҿы злагала дуу: азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аветеранцәа, аҿар, ҳаԥсадгьыли ҳақалақьи реизҳазыӷьаразы амаҵ зуа дарбанызаалак».
Асҭамыр Аргәын гәдоуҭаа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, ақәҿиара дуқәа.
Ақалақь амш апрограмма аспорттә хәҭа иаҵанакуеит амаланыҟәатә еиԥхныҩлара, ашахмати ашашкақәеи рзы адәахьтәи атурнирқәа, анапылампыли амҵәышәмпыли рзы аицлабрақәа (уаанӡатәи асанаториа «Волга» аҵакыраҿы), Кәарацхьелиа Д. ихьӡ зху адәы маҷ аҿы ашьапылампыл азы атурнир, карате азы аиндаҭларақәа.
1992-1993 шш. С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҿы асааҭ 15:30 рзы иаатуеит афотоцәыргақәҵа «Ажәытәтәи Гәдоуҭа», уаҟа ицәыргоуп уаанӡа икьыԥхьымыз ақалақь иуникалтәу архивтә фотосахьақәа.
Асааҭ 16: 00 рзы В.И. Ленин ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥысит аныҳәатә хәыҷтәы программа.
Асааҭ 19: 00 рзы имҩаԥысит аныҳәатә концерт ду.
Асааҭ 21:30 рзы иалагеит адиджеи Shiri, агәыԥ «Jam-Band» злахәу аҿар рконцерттә программа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа афеиерверк ԥшӡа ала ихыркәшахоит.
