Print this page
сегодня 12:01

Хана Гәынба ашкол маҭәа иазкны: «Ҳара хықәкыс иҳамоу ахәыҷы ҳанихәаԥшуа ашколхәыҷы шиакәу убартә аҟаҵара ауп»

Аԥсны аҵара аминистрра ашколқәа рнапхгаҩцәеи аҭаацәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҵаҩцәа рзы иаку амаҭәа астандартқәа ралагалараан абаланс иқәныҟәаларц, ахырҟьацәара иаламгарц. Абри атәы лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынба аколлегиаҿы лықәгылараан.
 
«Азал аҿы дыҟоуп Адгәыр Паата-иԥа Какоба. Иара идҵала 2018 шықәса рзгьы аминистрра аӡбра аднакылеит ашколтә форма алагаларазы. Убри аҟнытә иахьа иҿыцу ҳәа акгьы ҳхәыцӡом, аус зуа аԥҟара ҳгәалаҳаршәоит ауп.
 
Ҳаиԥыларақәа рҿы изныкымкәа ҳалацәажәахьан иаку афора шхымԥадатәиу. Аха ари азҵаара иахьагьы школқәак рҿы ацәажәарақәа цәырнагоит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны сазааҭгылар сҭахуп акрызҵазкуа ҭагылазаашьак: аҵараиурҭақәа жәпакы рҿы аҭаацәа ирыдырҵоит аминистрра адҵа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны иалкаау аформа аархәаларц. Шәааи ахырҟьацәара ҳаламгап», – ҳәа ааԥхьара ҟалҵеит Хана Гәынба.
 
Ажәалагала ҟалҵеит иаку ашколтә форма алагалараан еиуеиԥшым агәаанагарақәа ирызхәыцырц.
 
«Шәара зегьы шәахь исымоуп аҳәара хада — шәааи ари апроцесс ҳаицашьклаԥшып. Ҳхықәкы мариоуп: ахәыҷы уанихәаԥшуа иаразнак иубарҭазароуп ашколхәыҷы ҳаԥхьа дышгылоу», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гәынба.
 
Аҵыхәтәаны лара агәрагара аалырԥшит аҵарадырра асистема аспециалистцәа рымчқәа реибыҭара иабзоураны ицәырҵуа ауадаҩрақәа зегьы риааира шалыршахо.
 
«Ҳџьабаа еидара хьанҭоуп. Ҳажәлар рԥеиԥшг ҳнапаҿы иҟоуп. Сара издыруеит уадаҩрақәак шыҟоу, аха ари азҵаараҿы ухы рыцҳаушьар, угәы каужьыр ҟалаӡом. Арҵаҩы истатус акыр ишкаҳаз егьа иалацәажәаргьы, ҳтәылаҿы уи усҵәҟьа иҟам. Сара агәра гаҵәҟьаны сыҟоуп ҳара зегьы шҳалшо», – лҳәеит аҵара аминистр.
 

Read 26 times