Имҩаԥылгеит аҵара аминистр Хана Гәынба.
Аколлегиа аилатәараан ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәа жәпакы рҿы имҩаԥгаз акомплекстә гәаҭарақәа рылҵшәақәа рзы аҳасабырба ӡырыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳҭнықалақь абжьаратә школқәа №3, №7, иара убас Аҟәа иҟоу ашкол «Альфа».
Аиԥылара алахәылацәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит аҵареи абызшәатә зыҟаҵареи рхаҭабзиара аизырҳара ирызкыз азҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәахоит ирҿыцу астандартқәеи аҵаҩцәа рдыррақәа рыҩаӡара ахәшьара аҭаразы аҭахрақәеи. Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит 4-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵара, 6-тәи 7-тәи аклассқәа рҿы аԥсуа литература, иара убас аурыс бызшәа иаурысым ашколқәа рҿы (4-тәи, 6-тәи, 7-тәи аклассқәа рзы).
Арҵагатә материал ҿыцқәеи апрограммақәеи шьақәырӷәӷәатәуп: аҩбатәи акласс аҵаҩцәа рзы арҵага шәҟәы «Алитературатә ԥхьара», иназыцҵоу аҵарадырра асистемазы — ашколхәыҷқәа аҽыбӷаҟазара дырҵара иазырхоу иҷыдоу апрограмма «Абҩарҵәыра».
2025-2026 аҵарашықәс азы Аминистрра аусура инарҭбаау анализи аихшьаалақәеи дырзааҭгылеит аминистр Хана Гәынба.
