Print this page
вчера 21:17

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Аҟәа ҳамҭас иаиҭеит ароиаль

Аҟәа апарк ауаажәларратә ҵакыра ҿыц Аҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа идыргылеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ақалақь ҳамҭас ииҭаз ароиаль.

Аҟәа Ақалақь ахадараҿы ишырҳәаз ала, ароиаль ахьдыргылаз аҭыԥ аҳамҭаҭаҩ иалихит, изҭаху зегьы рхы иақәиҭны ихәмарларц азы. Ароиаль ауаажәларратә ҵакыра ҿыц иахәҭакхоит. 

Ахадараҿы иазгәарҭеит апарктә зонақәа рҿы амузыкатә инструментқәа шышьақәдыргыло еиуеиԥшым атәылақәа рҿы.

Ахадараҿы иазгәарҭеит апарктә зонақәа рҿы амузыкатә инструментқәа шышьақәдыргыло еиуеиԥшым атәылақәа рҿы.

Ароиаль азы иҷыдоу ахьчагатә ҭыҳәҭа ҟарҵоит, ааигәа-сигәа авидеохылаԥшратә камерақәа ықәдыргылоит. Амыруга ахылаԥшреи уи ахархәареи Рнапы алакызаауеит Аҟәа аԥшаҳәеи апаркқәеи Рдирекциа.

Ароиаль иара убасгьы рхы иадырхәар рылшоит амузыкантцәа, астудентцәа, апрофильтә ҵаратә усҳәарҭақәа рҵаҩцәа ақалақьтә музыкатә усмҩаԥгатәқәеи аҳасабырбатә концертқәеи рзы.


Read 57 times