Бадра Гәынба игәалаиршәеит уаанӡа ажәалагала шыҟаиҵахьаз 2027 шықәса раахыс абызшәатә ценз ҿыц азы азыԥҵәа милаҭла иаԥсыуоу акандидатцәа рзы ихымԥадатәины иҟаҵазарц, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа рзы 2032 шықәса раахыс иалагалазарц. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ари аԥшьгамҭа ауаажәларратә еилацәажәара ҭбааи акритикеи шцәырнагаз, уи аан ихатәы бызшәа иахьынӡахәҭоу пату ақәимҵеит ҳәа ахара идҵан.
Ас еиԥш иҟоу аҽԥныҳәақәа рҭак ҟаҵо, атәыла ахада иҳәеит абызшәа абзиабара шаарԥшу иалкаау аусқәа рҿы, зегь раԥхьаӡагьы уи еиҵагыло абиԥарақәа рымадараҿы. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, доусы иуалԥшьа хаданы иҟоуп ихәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵара.
«Сара сгәаанагарала, абызшәахьы исымаз абзиабара аасырԥшит сышьҭахь иааиуа абиԥара аԥсшәа ахьыдсырҵаз азы. Сгәанала, зегь реиҳа ихадоу ахәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵара ауп», - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Бадра Гәынба 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа игәалаиршәеит. Иара иҳәеит уи апериод азы аԥсуа жәлар ракзаара шакәу атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳәаақәызҵаз, ареспубликаҿы инхо егьырҭ амилаҭқәа зегьы рхаҭарнакцәа рыкәша-мыкәша еидызкылаз.
Атәыла ахада ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә бызшәа ахьчара азҵаараҿгьы аиԥш зеиԥшу аидгылара аадырԥшырц.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш азнеишьа ишалнаршо егьырҭ ажәларқәагьы аԥсуа бызшәа агәыбылра дыркра.
«Ҳара аԥсуаа ҳхатәы бызшәа аиқәырхараҿы ҳҿырԥшыганы ҳаҟазар ахәҭоуп. Убасҟан ауп егьырҭ ажәларқәа уи пату анақәырҵало, убасҟан ауп ашәышықәсақәеи абиԥарақәеи ирылганы иаҳгаз ҳбызшәа иааҳакәыршаны иҟоу ауаа пату анақәырҵо. Шәааи, нас, зегьы ҳаицхыраап, зыдгьыл гәакьа ахьчараан аидгылара ааазырԥшыз ҳветеранцәа реиԥш, убри аҩыза абзиабареи азиашареи ааҳарԥшып ҳбызшәа арҿиараҿгьы», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла ахада.
