Print this page
21.Нанҳәа.2026

Аҟәа бзиала ҳәа иарҳәеит Урыстәыла иҟаз Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба

Аиԥырҵра алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысит Арҵаҩы иҩнаҿы.

Нанҳәамза 18 рзы 77-тәи шықәса дшырҭагылаз  ичымазара бааԥс ихҟьаны иԥсҭазаара далҵит Игорь Мураҭ-иԥа Ахба-Аԥсны аҳәынҭқарраҿы иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, адипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡара аорденқәа занашьаз.

Игорь Ахба абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

Алахьеиқәҵаратә митинг ааиртит адипломат иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа напхгара азҭо аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

«Игорь Ахба Москва иҟоу Аԥсны Азинмчы змоу ахаҭарнакра дахагылеит 1992 шықәсазы – ҳҭоурых аҿы зегь реиҳа ихьанҭоу аамҭақәа раан», – иҳәеит Нанба.

Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла ианазханаҵа ашьҭахь, 2008 шықәса рзы ахаҭарнакра ашьаҭала иаԥҵан ареспублика ацҳаражәҳәарҭа. Ахба раԥхьатәи цҳаражәҳәаҩыс дҟалеит.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ахба иахьатәи аԥсуа дипломатиа ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын ҳәа ихиҳәааит, иазгәеиҭеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы илагала.

Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа иазгәалҭеит Ахба атәылазы иибоз аџьабаа. Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба уи зажәа назыгӡоз уаҩын, ддипломатын, дцәажәаҩ шьахәын ҳәа ихылҳәааит.

Адышшылара ҟарҵеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Венесуелеи иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩцәа Алан Гагәылиеи Заур Гәаџьааи, иара убас ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Read 178 times