Урыстәылатәи адипломат ицәыригеит 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа робиективтә хронологиа. Иҳәамҭаҿы арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа дазааҭгылеит.
Небензиа инаҵшьны иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа Кавказнҭыҵ адиалоги аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы амеханизм хада аҳасабала рроль.
Иара иҳәеит Қырҭтәылеи Аԥсни, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра шхымԥадатәиу, иара убас аҳәаақәа рделимитациеи рдемаркациеи рыпроцесс аусура ишалагатәу.
Васили Небензиа иазгәеиҭеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара есышықәса аполитизациа зызу арезолиуциақәа ирыдыркыло, иара убас Мраҭашәара Қырҭтәыла анырра аҭареи НАТО алагалареи аҽазышәарақәа рнырра шҽеим.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаараҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак ишьақәирӷәӷәеит Урыстәыла Аахыҵ Кавказ акраамҭатәи аҭынчреи ашәарҭадареи рзы Қырҭтәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара ишиашоу адиалог ацхраара ишазыхиоу.
