Аҭыԥантәи анаплакыҩцәа рыхьчаразы аусбарҭа иазнархиеит атуристтә активра ашыкьымҭаз ахәқәа рдемпинг аԥкра иазку азакәан апроект.
«Асасааирҭа маҷқәа ари апериод азы ацәыӡқәа рымоуп. Асезон ҳарак атәы ҳҳәозар-атуризм аусхк аҟны аус зуа Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩык гәаҟыр ҟалаӡом. Убри аҟнытә азакәан апроект азҳархиеит. Даара сақәгәыӷуеит адепутатцәа уи хара имгакәа ахәаԥшразы ирыдыркылап ҳәа. Ари иахьа ҳауаажәларраҿы иҟоу зегь реиҳа иҵару апроблемақәа ируакуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Логәуа.
Атуризм аминистр иҳәеит зыӡбахә ҳәоу атуризм азы азакәан ҿыц шакәым, уи ариашарақәа раларгара шакәу.
Иара иажәақәа рыла, уи азы адокумент аусбарҭақәа зегьы рҿы ақәыршаҳаҭра иахысхьеит, аминистрцәа Реилазаарахь инашьҭуп. Асистема аус аруразы Апарламент аус зуа азакәанԥҵара аиҭакрақәа аланагалараны иҟоуп.
Аофициалтә реестр иалалаз асасааирҭақәа ишиашоу Урыстәылатәи атуроператор дуқәеи атурагентрақәеи аус рыцура рылшоит.
