Print this page
21.Нанҳәа.2026

Асоциалтә ԥгаԥса афонд ахашәалахәы бжьымзы рыҩнуҵҟа 144,7 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит

Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд ахантәаҩы Бакур Бебиа аԥыза-министр Владимир Делба изеиҭеиҳәеит бжьымзы рыҩнуҵҟа афонд инанагаз аусура атәы.

Аганқәа алацәажәеит Аҳәынҭқарра асоциалтә хыдҵақәа рынагӡара, ашәатәы хадақәа рдинамика, 2027 шықәсазтәи афонд абиуџьет апроект азырхиара.

 Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны афонд ахашәалахәқәа 144,7 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 8,7 млн мааҭ рыла еиҳауп 2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа арбага аасҭа. Ахарџьқәа 168,5 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Ахшараиуразы аԥаратә цхыраагӡақәа: 30,7 млн мааҭ нашьҭуп. Ашәатәы бжьаратәла 160-180 нызықь мааҭ рҟынӡа ихалеит.

Ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә цхыраагӡа: лаҵарамза 1, 2026 шықәса инаркны аус зуа аҭаацәа рзы ашәатәы аиндексациа азууп 35 нызықь мааҭ инаркны 42 нызықь мааҭ рҟынӡа (ашәарақәа рзеиԥш мҽхакы — 116 млн мааҭ). Аус зымуа аҭаацәа рзы аԥаратә цхыраагӡа ашәагаа 28 нызықь мааҭ рҟынӡа иацҵоуп (ишәоуп 9,7 млн мааҭ). Иааизакны ари адгылара хкы иазырхоуп 25,8 млн мааҭ.

1,5 шықәса зхымҵыц ахәыҷы ихылаԥшразы аԥаратә цхыраагӡа: аус зуа аҳәса ирызшәоуп 27,2 млн мааҭ.

Аамҭалатәи аусура алымшара азы аԥаратә цхыраагӡақәа: ишәоуп 10,7 млн мааҭ.

Афонд активла асанатор-курорттә хырхарҭа арҿиара иаҿуп: 

Амҩақәҵагақәа: 24,3 млн мааҭ рыхә 618 амҩақәҵагақәа рыхә шәоуп (ашықәстәи аплан аҟынтәи 90%).

Арзҩыдара: 400-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәа, ашколқәранӡатәи аусҳәарҭақәа русзуҩцәа, ахшара рацәа змоу анацәа уҳәа азинҷыдатә категориақәа рыла Очамчыратәи акомплекс «Амшынеиқәа абырлаш» аҿы арзҩыдара акурс иахысит.

Ахәыҷтәы ԥсшьара: 1000-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа абызшәатә лагер «Альфа» аҿы рыԥсы ршьеит, уаҟа иахысуан аԥсуа бызшәеи акультуреи рҵара апрограмма. Аԥсны Аҵара Аминистрра алархәны иара убасгьы еиҿкаауп Аԥхынтәи алагерқәа Очамчыратәи ашкол-интернати Гагратәи алицеи-интернати рышьаҭала (лагерцыԥхьаӡа рыԥсы ршьеит 400-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа).

Владимир Делба инаҵшьны иазгәеиҭеит асоциалтә хыдҵақәа ианаамҭоу рынагӡара аԥыжәара аманы ишаанхо, асоциалтә ԥгаԥса Афонд уи анагӡаразы ихадоу мыруганы ишыҟоу.

Аԥыза-министр иара убасгьы иазгәеиҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа аԥаратә цхыраагӡақәа риндексациа шхымԥадатәиу. Иаҳҳәап, аус зуа аҭаацәа рзы ахәыҷы иираан ашәара 2024 шықәса раахыс хынтә еиҳахеит: 2024 шықәсазы 28 нызқь мааҭ инаркны 2026 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 35 нызқь мааҭ рҟынӡа, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 1 инаркны 42 нызқь мааҭ рҟынӡа иацлоит.


Read 165 times